АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:57

Игорь Генералов ифильм «Иҭынчу атыли», афотоцәыргақәҵа «Афырхацәа рыҳәсеи» рӡыргара мҩаԥысит

Аӡыргара мҩаԥган Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аҿы.

Асахьаркыра-документалтә фильм еиднакылоит зхацәа иҷыдоу арратә операциа иалахәу жә-ҩык аҳәса рҭоурых.

Афильм аҿы еиҭаҳәоуп урҭ аԥышәара ишахысуа, ашәара ишаиааиуа, рхьаа зхьаау рҩызцәа рҿы ацхыраара шырыԥшаауа. Апроект аус адырулон «Академиа кино», иара убасгьы Ҭаҭарсҭан афицарцәа рыҳәсақәеи рфотографцәеи реидгылақәа.

Ацәыргақәҵа «Афырхацәа рыҳәса» аусмҩаԥгатә ханарҭәааит. Уи еиднакылеит аруаа ранацәа, рыҳәса, рыԥҳацәа рфотоқәа, рысалам шәҟәқәа. Арҭ асалам шәҟәқәа рҿы авторцәа рцәаныррақәа аадырԥшуеит, ахачҳареи агәыӷреи рыӡбахә рҳәоит.

Ахәаԥшцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Россотрудничество аусзуҩы Наталиа Каиун иазгәалҭеит, ас еиԥш иҟоу апроектқәа атыл иамоу ахә ашьара ишҳацхраауа.

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра.


Read 198 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.