АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 16:57

2025 ш. аусура аихшьалақәа ирызкны Гәылрыԥшь араион ахадараҿы имҩаԥысит аилатәара

2025 ш. аусура аихшьалақәа ирызкны Гәылрыԥшь араион ахадараҿы имҩаԥысуаз инарҭбааз аилатәара далахәын Аԥыза-министр Владимир Делба.

«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араион аҿы аиҭакра бзиақәа маҷымкәа иубарҭоуп. Арахь сааиаанӡа 2024 шықәсазтәи арбагқәеи 2025 шықәсазтәи арбагақәеи еиҿсырԥшит. Алцҵшәақәа угәы иахәартә иҟоуп, араион аҿы асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аринахысгьы иҭышәынтәаланы имҩаԥысып ҳәа агәыӷра унаҭоит», – азгәеиҭеит аԥыза-министр.

Владимир Делба Гәылрыԥшь араион анапхгареи уи арҿиара хаҭала зҽалазырхәыз ауааԥсыреи ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Аусеицура ауп ас еиԥш иҟоу алҵшәақәа узҭо», – ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.

«Араион анапхгара ирыбзоураны абар шьҭа ҩышықәса инеиԥынкыланы аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахра иаҿуп. Абиуџьет нагӡоуп 107%, 160 млн мааҭ инареиҳаны аизҳара ыҟоуп, ари даара иҳараку рбагоуп. Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы араионтә инспекциа аплан нагӡоуп 225% рҟынӡа, аригьы араион аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбараҿы лагала дууп. Арҭ аихьӡарақәа ауаа рыԥсҭазаашьа аиӷьтәразы алшарақәа ҳарҭоит», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араион аҿы хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра мҩаԥыргоит.

Аԥыза-министр иазгәеиҭеит араион асоциал-економикатә ҿиара арбагақәа аринахысгьы еизҳауеит ҳәа агәрага шимоу.


Read 31 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.