АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жәабран.2026

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Аргәын дыдирдырит

Аҳәынҭқарра Ахада Валери Аҩӡба иусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Амаҵура ҿыц аҟны Аргәын изеиӷьишьеит ақәҿиарақәа, агәыӷра ааирԥшит ақыҭақәа рхадацәа алархәны араиони атәылеи руааԥсыра реизҳазыӷьаразы аус шыруа ала.

Валери Аҩӡба ахада ҿыц дидныҳәалеит, иагьазгәеиҭеит иганахьала ацхыраара аҭаххозар, аҟаҵара дшазыхиоу.

Асҭамыр Аргәын Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз агәрагаразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, аколлектив адгылара ирҭап ҳәа агәыӷра шимоу атәы иҳәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба Валери Аҩӡба имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы иақәиҭтәреи Асҭамыр Аргәын иаҭареи рзы Аусԥҟа даԥхьеит.

Аиԥылара далахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.


Read 282 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.