АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 10:57

Хәажәкырамза 10 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥган афакультетбжьаратә еицлабра «Иарбан?Иаба? Ианба?»

Ахәмарраҿы еиқәшәеит жә-факультетк ркомандақәа рҟынтәи 45-ҩык астудентцәа.

Ахәмарраҿы адыррақәа рымацара азхомызт, иаҭахын ирласны аӡбарақәа рыдкылара, аизыӡырҩра, иазыԥҵәоу аамҭа иалагӡаны истандартым азҵаарақәа рҭак аԥшаара.

Аицлабра алҵшәақәа рыла, актәи аҭыԥ ааныркылеит абиологиеи абиомедицинеи рфакультет акоманда, аҩбатәи – афилологиатә факультет, ахԥатәи аҭыԥ еиҩыршеит аекономикатә факультети агеографиеи атуризми рфакультети.

Ари аицлабра Аԥсны аинтеллектуалтә хәмаррақәа Рфестиваль аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа ирыхәҭакуп. Уаанӡа аҽазыҟаҵаратә хәмаррақәа мҩаԥган Гагреи Пицундеи рышколқәа рҿы. Хара имгакәа имҩаԥгахо амастер-классқәеи ахәмаррақәеи егьырҭ ақалақьқәагьы рымҽхаркуеит.

Апроект «Аԥсны аинтеллектуалтә хәмаррақәа рфестиваль» , агранттә еицлабра «Аԥснытәи арҿиаҩцәа» аҿы аиааира агеит, уи анагӡара алыршахеит урыстәылатәи Ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала. Апрограмма хықәкыс иамоуп амастер-классқәеи алекциақәеи рымҩаԥгара, аҿар аинтеллектуалтә форматқәа рахь рхьарԥшра, рхәыцра арҭбаара, агәыԥ аҿы аусеицура рылааӡара.

Атурнир еиҿыркааит аԥыза қәыԥшцәа рыклуб «ДЮНА» ахаҭарнакцәа.


Read 126 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.