АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 18:07

Аԥсны асахьаркыратә гимнастика Афедерациа ааӡамҭацәа ԥшьҩык Жәларбжьаратәи атурнир иалахәын

Сынтәа Урыстәылеи Аԥсни рықалақьқәа 19 рҟынтәи атурнир еизнагеит 326-ҩык агимнасткацәа.

Викториа Коцба ацаха аҽаршьцылараҿы зегь раасҭа иҳараку ахәшьара лоуит, азеиԥш зшьаҿы аабатәи аҭыԥ аанылкылеит. Софиа Боџьгәуа 11-тәи аҭыԥ аанылкылеит, аԥхьахә «зегь реиҳа улаԥш иҵашәо ахаҿсахьазы» даиааит, аҽаршьцылара ашәа «Azamat» иацналыгӡеит. Илоуит аԥаратә ҳамҭа-25 нызқь мааҭ. Софиа Адлеиба 11-тәи аҭыԥ аанылкылеит, Полина Марченко – 18-тәи аҭыԥ.

Аԥсны аҳәынҭқарра асахьаркыратә гимнастика Афедерациа апрезидент Гәында Кәарҷиа иазгәалҭеит аицлабрақәа ҩаӡара ҳаракыла ишымҩаԥгаз, аӡӷабцәагьы алҵшәа бзиа шаадырԥшыз.

«Ҳгимнасткацәа разыҟаҵара аҩаӡара шыҳараку, рымчқәа рыгәра шырго аадырԥшит, уи уамыргәырӷьар залшом»,– лҳәеит Гәында Кәарҷиа.

Иана Батыршина лҳамҭақәа рзы асахьаркыратә гимнастиказы иаарту атурнир мҩаԥысуан хәажәкырамза 7-9 рзы Москва (Сколково). Аицлабрақәа ирыҵаркуан хаҭалатәи апрограммеи агәыԥтә ҽаршьцыларақәеи рҿы ақәгыларақәеи.


Read 8 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.