АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:54

Аԥсны ауаажәларратә палата VII ааԥхьара аилазаарахь алхразы еиуеиԥшым аусбарҭақәа рҟынтәи ашәҟәқәа рыдкылара иалагеит

Аԥсны ауаажәларратә палата VII ааԥхьара алаҳәара ҟанаҵоит ауаажәларратә хеидкылақәа, икоммерциатәым аиҿкаарақәа рхеидкылақәа, аҭҵаарадырратәи аҵаратәи усбарҭақәа, азанааҭтәи арҿиаратәи еидгылақәа рхаҭарнакцәа рҟынтәи ашәҟәқәа рыдкылара ишалаго Аԥсны Ауаажәларратә палата VII ааԥхьара аилазаарахь алхразы.

Ашәҟәқәа рыдыркылоит хәажәкырамза 17 инаркны хәажәкырамза 31-нӡа.

Инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит Ауаажәларратә палата аофициалтә информациатә ресурсқәа рҿы https://opra.apsny.land ма абри аҭел ала (+7 840) 226 02 38.


Read 10 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.