АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:55

Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла хәыда-ԥсада амедицинатә цхыраара роулоит

Урыстәылеи Аԥсни ргәабзиарахьчара аминистрцәа Михаил Мурашкои Едуард Быҭәбеи Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу ареспублика ауааԥсыра, Урыстәылатәи Афедерациаҿы амедицинатә цхыраара аиура алзыршо аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Москва имҩаԥысуаз афорум «Изҩыдоу ауаажәларра» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

«Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҳареи ҳусеицура шьақәыргылоуп, зегь раԥхьа иргыдланы уи рыдҳәалоуп, аинфраструктура, акадртә политика, амедицинатә аалыҵ. Иахьа ҳнапы зҵаҳҩыз аиқәшаҳаҭра абзоурала урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны аҳәынҭқарра ауааԥсыра амедицинатә цхыраара роуеит Урыстәылатәи ацентрқәа рҿы. Ари шьаҿа дууп Аԥсны атәылауаа ацхыраара рыҭаразы», - иҳәеит Мурашко.

Быҭәба иазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵак ду шамоу. «Уи Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы амедицинатә цхыраара зҭаху, амедицинатә
полис змоу, зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит», - ҳәа иажәа хиркәшеит.


Read 11 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.