АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 18:11

Ақалақь аҿы абџьар аныҟәгара иадҳәалоу азҵаарақәа дырзааҭгылеит Бадра Гәынба амедиа-проект «Ҳара» аинтервиу анаиҭоз

Ешсоу Какалиа дахьырхәыз ахҳәаа азуа Бадра Гәынба иазгәеиҭеит «Рыцҳарас иҟалаз ақалақь аҿы абџьар аныҟәгареи ахысреи лассы-лассы аҭыԥ амоуп» ҳәа.

«Азинхьчаратә усбарҭақәа ахысра ҟазҵаз дааныркылахьеит, иахәҭоу апроцессуалтә усмҩаԥгатәқәа зегьы мҩаԥыргоит» - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, азакәан инақәыршәаны аус аҵыхәтәанынӡа ишнагахо азы агәрагара ааирԥшит.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убасгьы дазааҭгылеит абџьар аныҟәгара апроблема, инаҵшьны иазгәеиҭеит ари ахырхарҭала раԥхьатәи ашьаҿақәа шыҟарҵахьоу. Иҳәеит абџьар аныҟәгара ԥкызарц аԥшьгара шыҟаиҵаз, уи азы азакәан апроект апарламент ахь ишынаишьҭыз. Аха Гәынба ишазгәеиҭаз ала, иҟоуп уи иадымгылаз адепутатцәа, урҭ ргәаанагара уамашәа ибоит. Урҭ излазгәарҭо ала, абџьар аныҟәгара аԥсуаа традициас ирыман.

«Уи сара сзақәшаҳаҭхом» - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, иагьазгәеиҭеит иахьатәи аԥсуа уаажәларраҿы абџьар аныҟәгара акультура шеицакыз. Ҿырԥштәыс иааигеит алахьеиқәҵаратә церемониаҿы абџьар кны адамра ишадгылаз, уи аԥсуа традициатә хымҩаԥгашьақәа ирҿагылоит.

Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Жәлар Реизарахь инаишьҭыз азакәан апроект ауааԥсыра абџьар рымхра хықәкыс ишамам. Зыӡбахә ҳамоу официалла ашәҟәы иҭагалоу абџьар аҩны аҵәахра ауп.

Аҳәынҭқарра Ахада атрадициақәа пату рықәҵареи абџьар аныҟәгара уажәтәи апрактика аԥсахреи рзы ааԥхьара ҟаиҵеит.


Read 20 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.