АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 18:11

Аҟәеи Ханты-Мансиисктәи «РусЛаини» рыбжьара ареисқәа хацдыркуеит мшаԥымза 25 инаркны

Аԥыррақәа мчыбжьык ахь ҩынтә имҩаԥыслоит - ашәахьеи асабшеи.

Саратов аангылара кьаҿ (35 мин.) алаҵаны амҩа зегьы 5 сааҭки 40 минуҭи аҭаххоит. Абилеҭқәа рыҭира иалагахьеит: ахәԥса 7 511 мааҭ инаркны.

Иҳаҩсыз асезон иднарбеит ари ахырхарҭа азҿлымҳара шамоу, убри аҟынтә сынтәа ареис заа ибжьарҵоит.

«Аҟәантәи Ханты-Мансиискҟа ареисқәа раԥхьаӡа акәны ибжьалеит ҵыԥх, аԥхынразы. Ахырхарҭа апассаџьырцәа рҟытәи азҿлымҳара ду аиуит, убри азы сынтәа аԥырра ҳалагоит мшаԥымза анҵәамҭа инаркны. Агәра ганы ҳаҟоуп ишиашоу аҳаиреимадара Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи Иуграҟа рныҟәарақәа еиҳа иарманшәалар шалнаршо», – ҳәа ахҳәаа ҟаиҵеит авиаеилахәыра «РусЛаин» ахырхарҭақәеи аҭирақәеи рыкаҭа адепартамент адиректор Ростислав Петров.


Read 27 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.