АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 18:11

Аҟәа аԥшаҳәаҿы ирбаз археологиатә ԥшаахқәа рлахьынҵа иалацәажәеит Жәлар Реизараҿы

Еиҭашьақәдыргыло аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы ирбаз археологиатә ԥшаахақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаԥысит Жәлар Реизараҿы.

Аилацәажәара иалахәын Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, аҭҵаарадырратә еилазаара ахаҭарнакцәа.

Аиԥылара аартуа Ашәба иргәалаиршәеит аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәыла ахадеи урыстәылатәи арегионқәеи иҟарҵаз адгылаара иабзоуран. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит аусурақәа раан ирыԥшааз амаҭәарқәа рҵакы.

«Аиҭашьақәыргылатә усурақәа раан иаарԥшын абаа аԥҽыхақәа, акыр зҵазкуа артефактқәа, уи аҭоурыхҭҵааҩцәа рылаԥш иҵашәеит. Иӡбан аилацәажәара мҩаԥыргарц, аԥшаарақәа ԥхьаҟатәи рлахьынҵа иалацәажәарц. Ҳара ҳҭоурых аиқәырхареи аԥшаҳәа арԥшӡареи рзы амҩақәа ҳрышьҭоуп», - иҳәеит Лаша Ашәба.


Read 25 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.