АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:31

Афорум «Аицәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара» арезолиуциа анагӡаразы ажәалагалақәа ҟаҵатәуп

Аҳәынҭқарра Ахада Аԥыза-министр инапы ианиҵеит атәылауратә форум «Аицәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара» арезолиуциа анагӡаразы ажәалагалақәа рыҟаҵара.

Аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи ауаажәларратә еилазаареи рыбжьара адиалог ашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥыза-министр Владимир Делба инапы ианиҵеит хәажәкырамза 12, 2026 шықәсазы ирыдыркылаз атәылауаҩратә форум «Аицәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара» арезолиуциа аилыргара.

Атәыла ахада адҵа ҟаиҵеит 2026 шықәса лаҵарамза 7-нӡа Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара акомпетенциа иаҵанакуа арезолиуциаҿы иарбоу абжьгарақәа рынагӡаразы ажәалагалақәа ҟарҵарц.


Read 30 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.