АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:53

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Владимир Занҭариа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит

«Гәалсра дула исыдыскылеит абаҩхатәра змаз апоет, ауаажәларратә усзуҩы, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа иԥсҭазаара иалҵра.

Владимир Занҭариа иԥсҭазаара иалҵра аԥсуа литературеи аҭҵаарадырреи рзы цәыӡ дууп. Абаҩхатәра змаз алитератор, Аԥсны Жәлар Реизара актәи ааԥхьара адепутатцәа дыруаӡәкын, джурналистсын, ажәлар рымаҵ ауреи амилаҭтә культура аҿиареи зыԥсҭазаара азызкыз уаҩын.

Уажәы ааигәа иареи сареи ҳаиқәшәеит. Дзыргәаҭеиуаз азҵаарақәа рацәаны ҳрылацәажәеит. Еиҳарак Владимир Константин-иԥа дзыргәамҵуаз аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа акәын. Абызшәа аҿиаразы еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, ҳгәаанагарақәеи ҳагәҭакқәеи еибаҳҳәеит. Ари аиԥылара даара иԥхаз агәалашәарақәа ааннажьит.
Владимир Занҭариа иуацәеи иҭынхацәеи гәык-ԥсыкала срыдышшылоит».


Read 24 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.