АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 16:16

Ареспубликаҿы имҩаԥыргоит аицлабра «Аԥсны Акоманда» аҩбатәи асезон

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба анапхгараҭаҩцәа реицлабра «Аԥсны Акоманда» амҩаԥгашьа ахәшьара ҳаракы аиҭеит.

«Апроект алҵшәа бзиа аманы ишыҟоу шьақәнарӷәӷәеит. Иара абаҩхатәра злоу, зхатә гәаанагара змоу ауаа раарԥшреи, анапхгараҭара акадртә резерв ашьақәыргылареи рзы хра злоу мыруганы иҟалеит. Аицлабра иҳанаҭеит аҭакԥхықәра зхахьы агара зылшо, атәыла аҿиаразы аусура иазхиоу ауаа», - ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада I Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аартра ацеремониаҿы.

Аҳәынҭқарра ахада адҵа ҟаиҵеит аицлабра «Аԥсны Акоманда» аҩбатәи асезон аусура алагаразы аҽазыҟаҵара нап адыркырц. «Ари апроект аҿиара аиуроуп» - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гәынба.


Read 39 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.