АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 16:17

Атәыла аҿиараҿы ахырхарҭа хадақәа дырзааҭгылеит Бадра Гәынба I Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аартраан

2025 шықәсазтәи ахҭыс хадақәа ируакхеит иааиԥмырҟьаӡакәа жәларбжьаратәи аҳаиреимадара аусура аларгара.

«В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара иалнаршеит зымҽхак ҭбаау аԥсуа-аурыс инвестициатә проект анагӡара». - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, I Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аартраан дықәгыло.

Аҳаирбаӷәаза анаадырт инаркны 121 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа рымаҵ ауит. Иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаиртә еимадара рыбжьоуп Аԥсны аҳҭнықалақьи Москвеи, Санкт-Петербурги, Нижни Новгороди, Ханты-Мансиски.

«Ҳара активла аус адаҳулоит амаршруттә ҳа арҭбаара. Аус рыдырулоит ахырхарҭа ҿыцқәа, Псков, Уфа, Самара, Казань, Оренбург, Екатеринбург, Тиумен, Пермь, Нальчик уҳәа», – ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.

Жәларбжьаратәи аҳаиртә еимадара аусура аларгара ареспублика иаҭаауа асасцәа рхыԥхьаӡара еизнарҳауеит, Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҿы аекономика аизырҳара иацхраауа факторны иҟоуп.

Аԥсны аҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа ируакуп адәныҟахәаахәҭратә баланс аиҟаратәра.

«Иахьа аҳәааҭыгара ахәҭа 13% ыҟоуп, аҳәааҭагалара – 87%.

Аԥсны аҳәынҭқарразы ихадоу хәаахәҭратә лахәылаҩны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа, уи Аԥсны адәныҟатәи ахәаахәҭраҿы амҽхак ду ааннакылоит. Ари иаҳәо рацәоуп», – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.


Read 14 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.