АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:54

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны атехнопарк аԥҵара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит

Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр Владимир Делба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, аимадареи ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Роланд Берулаа, иара убас атәыла апрофильтә ИТ-наплакқәа рнапхгаҩцәа.

Атәыла Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ацифраркра ада ареспублика асистематә ҿиара шзалымшо.

Гәынба игәаанагарала, атехнологиатә ӡбамҭақәа рхархәара аекономика аизҳареи аҳәынҭқарратә институтқәа зегьы хаҭабзиарала реиҭарҿыцреи рзы иӷәӷәоу стимулны иҟалоит.

Арҭ ахықәкқәа рынагӡаразы Аҳәынҭқарра Ахада ааԥхьара ҟаиҵеит иахәҭоу адыррақәеи апрактикатә ԥышәеи змоу ҳџьынџьуаа рахь , урҭ зегьы рԥышәа еилаҵаны аус еицырурц азы.

Аиԥылара алахәылацәа Аԥсны ҳаамҭазтәи атехнопарк аԥҵара аԥеиԥш иалацәажәеит.

Иара убас, аилацәажәараҿы Аҳәынҭқарра Ахада иҟны апрофильтә хеилак ашьақәыргыларазы аԥшьгара рылаҳәан, уи иааиԥмырҟьаӡакәа ацифратә технологиақәа ралагалара азҵаарақәа рыӡбалоит.


Read 24 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.