«Ҳазлацәажәо атема акриминалтә ҟазшьа адагьы иҵаулоу асоциалтә, амедицинатә, ҟазшьақәагьы амоуп. Лҵшәа бзиала ҳусеицура иахьыԥшуп амилаҭ агәабзиара, аҳәынҭқарра ашәарҭадара, абиԥара ҿа рԥеиԥш.
Ари апроблема иахьа еиҳа-еиҳа ишәарҭоу аформақәа аанахәоит. Ирыладырҵәо амаҭәашьар хадақәаны иаанхоит аметадон, амефедрон, амфетамин, аметамфетамин, иара убас асинтетикатә маҭашьар ҿыцқәа», – иҳәеит ахада.
Иахьатәи аамҭазы Ареспубликатә рҩашьыгатә диспансер аҿы ашәҟәы иҭагалоуп 1694-ҩык.
«Ҳтәылазы ари ахыԥхьаӡара дууп, еиҳарак агәҭынчымра узцәырнагоит еиҳа иуашәшәыроу категорианы аҿар ахьаанхо.
Ари апроблема уажәшьҭа хаз игоу ацәгьоурақәа рызҵаара акәӡам. Ари Аԥсны адемографиеи, ауаажәларратә гәабзиареи, аекономикеи, амилаҭтә шәарҭадареи ҵызшәаауа акоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла ахада.
сегодня 23:32






