АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 21:59

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини иареи реиԥылара аихшьалақәа ҟаиҵеит

«Аиааира Амш азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа Путини сареи ҳаиԥылара. Ишәгәаласыршәар сҭахын ари ашықәс иалагӡаны ахԥатәи ҳаиԥылара шакәу. Еснагь еиԥш, уи даара аконструктивтә ҟазшьа аман имҩаԥысит. Ҳалацәажәеит арратә шәарҭадара азҵаарақәеи ҳтәылақәа рыбжьара аинырра арҭбаара», - иҳәеит Гәынба.

Аиԥылараан ирылацәажәан Аԥсны ауааԥсыра аӡәырҩы рзы акыр ихьаау азҵаарагьы, уи ан лкапитал иадҳәалоуп.

«Шәара ижәдыруеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы асоциалтә цхыраареи ан лкапитали зауаз анацәа ҿарацәа аӡәырҩы ыҟоуп, аус зуа урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны, уажәы уи еилазго рыстатус аҿы иҟалеит.

Жәаҳәарада, ҳтәыла ауааԥысра урыстәылатәи азакәанԥҵара аилагара гәҭакыс ирымамызт, усҟантәи аамҭазы аус зуаз аԥҟарақәа ирықәныҟәон. Аха, уи иахҟьаны, анацәа ҿарацәа даара иуадаҩыз аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа иҭанаргылеит.

Ас еиԥш ахҭысқәа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп. Лассы-лассы анацәа ичмазаҩу ахәыҷқәа рыманы, амедицинатә цхыраара аиуразы аҳәаа иахыҵны Урыстәылаҟа изцом.

Сара сзы уи зегь раԥхьа иргылатәу зҵаароуп», – иҳәеит Ахада, ажәа риҭеит ари апроблема инагӡаны аӡбаразы имчқәа зегьы шадиҵо ала.

Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа реиҳәеит есыҽны ари азҵаара аус адызуло урыстәылатәи иколлегацәа.


Read 7 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.