АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 12:39

ААУ актәи апроректор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар иҳәеит анорматив-зинтә шьаҭеи акадртә уасхыри раԥҵара аҵак ду шамоу

«Иԥсабаратәым аинтеллекти, атехнологиа ҳаракқәеи, IT-ахырхарҭақәеи русхк аҟны аинвестициатә зҿлымҳахара макьана иубаӡом. Уи ишиашоу аҭагылазаашьақәа рыҟамзаара иадҳәалоуп», - иҳәеит Дбар.

Хазы ахшыҩзышьҭра аиҭеит ареспублика акадртә потенциал ашьақәыргылара.

«Акадрқәа ахьазыҟарҵо ҭыԥ хаданы иаанхоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет. Аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы ҳҽазышәарақәа зегьы ззанаанаҭдырра ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵара иазырхазароуп. Ҳаушьҭымҭацәа роуп ҳаԥхьаҟа амилаҭтә технопарк азы ихадоу аҭыԥ аанызкыло. Атехнопаркқәа иалкаау рҟазшьа рнубаалоит ҳкомпаниа дуқәа "А – Мобаили" "Аквафони"», - ҳәа азгәеиҭеит апроректор.

Дбар инаҵшьны иҳәеит адунеи аҽшаԥсахуа, Аҳәынҭқарратә мҽхак змоу ацифраркреи ихаҭәаау аелектронтә шәҟәеикәыршара алагалареи реиԥш иҟоу астратегиатә уснагӡатәқәа иахьа уажәраанӡагьы иӡбамкәа иаанханы ишыҟоу.


Read 125 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.