АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 11:23

Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Сҭампыл имҩаԥыргаз аиԥылара ахҳәаа анаҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра

Ашәҟәаҿы ҩаԥхьа иазгәаҭоуп Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара аиҭашьақәыргылара аҵак ду шамоу, уи Аԥсны зинла иҵаҵӷәыдоуп ҳәа иаԥхьаӡоит.

 Аԥсны иргәаланаршәоит Асовет  закәанԥҵара инақәыршәаны Аԥсны Қырҭтәылатәи Асоветтә республика ишалҵыз ихьыԥшымкәа.

Иара убас, Аԥсны аган иазгәарҭоит Қырҭтәыла акультуратә геноцид шымҩаԥыргоз,  1992 шықәса жьҭаарамзазы Аҳәынҭқарратә архиви Аԥсуа ҭоурыхи, абызшәеи, алитературеи ринститути абылра ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

«Арегионалтә шәарҭадара шьақәгылашьа амаӡам акулуартә еиқәышаҳаҭрақәа рыла.

  ... Аахыҵ Кавказ ашәарҭадараҿы ихадоу шьаҿаны иҟалароуп Қырҭтәыла ахырхарҭа аԥсахра, уи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы  Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа конструктивла иалахәхароуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҿагыланы арратә мчы ахамырхәаразы зинла адҵа ҟазҵо аусшәҟәы рнапы аҵарҩыроуп», - ҳәа азгәаҭоуп Аԥсны  адәныҟатәи аусқәа рминистрра  иҟанаҵаз ахҳәааҿы.


Read 163 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.