Аицлабрақәа мҩаԥыслоит ԥхынгәымза 11-нӡа.
2011 шықәса раахыс имҩаԥысуа атурнир еиҿыркаауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилаки, Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациеи, аилахәыра «А-Мобаили».
Атурнир ахәмаррақәа ишиашоу ицо рефир ахәаԥшра ҟалоит MoooreTV аҿы.
Атурнир аартра аламҭалазы уи алахәылацәа Џьгьарда ақыҭа иаҭааны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа актәи ахада, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Сергеи Багаԥшь инышәынҭраҿы.






