АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:25

Аԥсны аекономика аминистрреи, Аҳәынҭқарратә автомобилтә инспекциеи, аекономикатә цәгьоурақәа рҿагыларазы аҟәшеи алархәны апассаџьыртәи аидарамҩангагатәи транспорти иаалырҟьаны ргәаҭара еицымҩаԥыргеит

Агәаҭарақәа хацыркхеит аҳҭнықалақь авокзал иахьаҵанакуа, адәқьан «Черқьессктәи адунеи» азааигәара.

Агәаҭарақәа рхықәкы хада амаршруттә таксиқәа рҿы амҩақьыразы ишьақәыргылоу атарифқәа рықәныҟәара ахылаԥшра, иара убас автобусқәеи аидарамҩангагатә машьынақәеи алицензиатә ҭахрақәа зегьы ишрықәшәо агәаҭара ауп.

Аекономика аминистрраҿы атранспорт Аусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Бганба ишиҳәаз ала, агәаҭарақәа ҵаҵӷәыс ироуит атәылауаа рганахьала ашшыԥхьыӡқәа реизҳара.

«Амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа ирҭахханы амҩақьыра ахәԥса иахьацырҵаз ахҭысқәа рхыԥхьаӡара иахьацлаз инамаданы, иахьа ареидқәа мҩаԥыргоит. Аусмҩаԥгатәқәа раан ақалақьҩныҵҟатәии ақалақьбжьаратәии амаршрутқәа рҿы ахәԥса ацҵара афактқәа аарԥшхахьеит», — ҳәа азгәеиҭеит Бганба.

Атранспорт Аусбарҭа аиҳабы аилагаҩцәа шахьырхәхо атәы иҳәеит:

амҩақьыра ахәԥса ацызҵаз  амашьынарныҟәцаҩцәа ируалуп аҭыԥ аҿы апассаџьырцәа имыцхәны  ирымырхыз аԥара архынҳәра. Инацҵаны ахараԥса ақәырҵоит автотранспорттә наплакы ахаҭа,

алицензиа амамзааразы административтә хараԥса ылырҩаауеит.


Read 16 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.