Ҭоурыхтә хҭыск аҳасабала иахәаԥштәуп 1989 ш. азы Лыхнытәи ааԥхьара раԥхьа хымԥада иара инапы ахьаҵаиҩыз. Усҟантәи аамҭазы апартиатә напхгаҩы изы ари аҩыза ашьаҿа аҟаҵара агәаӷьра ду аҭахын, ижәлар ринтересқәа рыхьчара дазхиан имаҵзуратә ҭыԥ аиқәырхара аасҭа, уи аҵыхәтәа зеиԥшрахоз ихахьы иаамгакәа. Ас еиԥш амилаҭтә зҵаара азнеишьа иара итәылауаҩратә позициа бзианы ианыԥшуеит, Аԥсны аԥеиԥш гәыкала дшазхәыцуаз атәы арҵабыргуеит.
Иахьа ҳара ҳаҭыр дула даҳгәалаҳаршәоит Борис Виктор-иԥа Адлеиба. Уи ихьӡ Аԥсны аҭоурых аҟны аҭыҧ ду ааннакылоит, ҳажәлар ргәалашәараҟны наунагӡа иаанхоит».






