АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 1:42

Џьансыхә Нанба ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны анаплакыҩцәа рҟынтәи азыҳәақәа рыхәаԥшра дырццакырц

Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысит аҳәынҭқарратә программа «2026-2028 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгылара аҭара» анагӡаразы акомиссиа аилатәара.

 Аиԥылара аартуа, акомиссиа ахантәаҩы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура шымҩаԥысуа.

Акомиссиа уаанӡа адокументқәеи аилыркаарақәеи згызр абизнес-аԥшьгарақәа ирыхәаԥшит. Аекономика аминистрра ишьақәырӷәӷәоу апрограмма ашәага-загақәа инагӡаны ирықәшәо апроектқәа рсиа азнархиеит.

Аилатәара алахәылацәа  аҿҳәара иалацәажәеит, ишьақәдырӷәӷәеит.

Иазхьаԥшит аҳәынҭпрограмма анагӡараан ицәырҵуа административтәи аиҿкааратәи зҵаарақәа.

Џьансыхә Нанба иколлегацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит русура дырласырц азы:

«Даара акраҵанакуеит ҳкомиссиа аусура арццакра. Иааиуа аматериалқәа ирласны ҳрыхәаԥшлароуп ҳазҭоу ашықәс азы иахьынӡаҳалшо азыҳәақәа рықәшаҳаҭхара ҳахьӡарц, аекономика аминистррахь инагоу ажәалагалақәа рзы аӡбамҭақәа ҳадаҳкыларц», - иҳәеит Нанба.

Имаҷуи ибжьаратәуи анаплакқәа адгылара рыҭаразы аҳәынҭпрограмма шьақәырӷәӷәан 2025 шықәса абҵарамза 17 рзы, Аԥсны Ахада иусԥҟала. Уи «2026-2030 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара Аҳәынҭқарратә программа» аҟны акрызҵазкуа хәҭаны иҟоуп.

Апроект ахықәкы хадақәа:

абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара;

ареспубликаҿы аинвестициатә программақәа рыҿиаразы  аҭагылазаарашьа аԥҵара;

ахатәы сектор аҿы аусурҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аизҳара;.

Аԥсны атуристтә лшара хра аманы анагӡара.


Read 24 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.