АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 2:06

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ралхрақәа ирыдҳәалоу азакәан апроектқәа ирыхәаԥшит Дауҭ Хәытаба ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә еилакы аилатәараҿы

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект азырхоуп алхратә процессқәа адәныҟатәи анырра иахьыԥшымкәа рыҟаҵара  алыршара. Иарбоу азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, аус зуа азакәанԥҵара аҳәаанырцәтәи атәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа, аҳәаанырцәтәии жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа алхрақәа рылахәхара азин рымхра  иахьынӡахәҭоу аус адулаӡам.

Хыхь зыӡбахә ҳәоу ахаҿқәа алхрақәа рҽазыҟаҵареи,  рымҩаԥгареи, иара убас акандидатцәа ацхыраара рыҭареи рҿагылареи азин рынаҭом.

«Аҳәаанырцәтәи асубиектқәа рсоциологиатә ҭҵаарақәеи рызҵаарақәеи ауаажәларратә гәаанагара анырра ду анаҭоит, аицлабатә ҭагылазаашьа еицанакуеит», – аҳәоит аилыркаагатә нҵамҭаҿы.

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 5 аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект аус адулоуп адепутатрахь акандидатцәа аԥсшәеи аурыси бызшәақәа рдырразы адҵа анагӡара хықәкыс иҟаҵаны. Аус зуа азакәан аҿы абызшәақәа рдырра ашьақәырӷәӷәара апроцедура алаӡамызт.

Ахәҭаҷ 5 ахәҭа 3 харҭәаазарц ажәалагала ҟаҵоуп,  уи инақәыршәаны Аԥсны Алхратә комиссиа хада ишьақәнаргыло алингвистикатә комиссиа имҩаԥнагоит абзшәа адырразы агәаҭарақәа, урҭ рылҵшәақәа адепутатрахь иқәгыло акандидат иазирхио ақьаадқәа ирылазароуп. Алҵшәа бзиа аҟамзаара акандидат иҭаҩра мап ацәкра ҵаҵӷәыс иаиуеит.

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект 51-тәи ахәҭаҷ ашьаҭа ҿыц ала  ихадырҭәаауеит, уи инақәыршәаны  акандидат ишьақәыргылоу алхратә фонд ахарџьқәа алимит х-процентк инареиҳаны уи  иҭаҩра аԥыхразы азин ыҟоуп.

Азакәан апроект иара убасгьы иархынҳәуеит 2019 шықәса рзы иаԥыхыз алхратә фонд ахарџьқәа рҳәаа аԥкра. Алимит ҿыц иартәоит -30 000 МРОТ (1,8 млн мааҭ) уаанӡа аус зуаз 10 000 рцынхәрас. Аизырҳара зыбзоуроу аинфлиациеи аинформациатә, аиҿкааратә, агитациатә маҵзурақәа рыхәԥса аизҳареи роуп.

«Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент адепутатцәа ралхразы "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 25 аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект ала имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа ирыдҳәалоу ауаажәларра ргәаанагара аилкааразы еизыргаз адыррақәа рылҵшәа акьыԥхьра азин аҟамҵара аҿҳәара жәа-мшы инаркны 30 мшы рҟынӡа иацҵазарц ажәалагала ҟаҵоуп.

Авторцәа ргәаанагарала аҿҳәара аизырҳара иалнаршоит икьыԥхьхо асоциологиатә ҭҵаарақәа атәылауаа рыбжьара иҟарҵо анырра арларҟәра, акандидатцәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит.

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 10 аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект ишьақәнаргылоит алхрақәа ианрылагалак инаркны реихшьаалақәа ҟарҵаанӡа 18 шықәса зхыҵхьоу атәылауаа рҭаҩра аамҭала иаанкылазарц.

«Алхрақәа раамҭазы аиҭаҭаҩра иалкаау аҭыԥқәа рҿы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иԥсабаратәымкәа иаԥсахуеит, уи абжьыҭира алҵшәақәа анырра рнаҭар алшоит», – ҳәа аҳәоит азакәан апроект аилыркаагатә нҵамҭаҿы.

Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла аилак абжьгара ҟанаҵеит арҭ азакәан апроектқәа хәба Апарламент асессиа аилатәараҿы актәи аԥхьарала ирыдыркыларц.


Read 24 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.