Актәи аҭыԥ ааникылеит Шьанаа Ҭемыр (Очамчыра), аҩбатәи - Табариан Артиом (Аҟәа), ахԥатәи – Миносиан Сергеи (Очамчыра).
4-тәи аҭыԥ инаркны 7-тәи аҭыԥ аҟынӡа иааныркылеит Карапетиан Альберт (Гәдоуҭа), Зиновиев Иури (Ростов на Дону), Турбасов Данила (Москва), Ӡаԥшьба Руслан (Гәдоуҭа).
Амилаҭтә реитинг змоу ашахматасыҩцәа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа еихшахеит: актәи – Кәарацхьелиа Тристан (Аҟәа), аҩбатәи – Бигәаа Роланд (Аҟәа), ахԥатәи – Казанџьиан Петрос (Гагра).
Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Шаньгин Валери (Челиабинск), аҩбатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп – Накопиа Борис (Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ Турбасов Олег (Москва)
Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Киселиов Артиоми (Саратов) Лакоба Сариеи (Гәдоуҭа), аҩбатәиқәа – Топчиан Армени (Гәылрыԥшь) Степина Елизаветеи (Москва), ахԥатәиқәа – Чкотуа Сандрои (Москва) Џьениа Амели (Аҟәа.)
Аҳәса реицлабрақәа рҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит Лакәтаа Сарида (Аҟәа), аҩбатәи - Гәынба Сариа (Гәдоуҭа), ахԥатәи-Асланиан Алина (Аҟәа)
Ашахматтә фестиваль Аԥсны ашахматқәа рфедерациа имҩаԥнагеит, аҳҭнықалақь ахадараҿы еиҿкаау аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа ацхыраарала.






