Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Ҭарашь Ҳагба аицлабра аартуа асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит:
«Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп ҳара ҳзы акырӡа зҵазкуа атрадициатә еицлабра аартрахь. Шәара зегьы ижәдыруеит 35 рҟынӡа итрадициатәу ахыци ахәымпали рыла ахысратә дисциплинақәа шҳамоу. Шәареи ҳареи иаҳуалуп, иахьынӡаҳалшо ҳаицхырааны, урҭ ахырхарҭақәа зегьы рырҿиара. Сара иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Адыгатәылантәи иааз, аицлабра зырԥшӡо ҳашьцәа».
Алахәылацәа х-дисциплинак рыла еицлабуеит - анаскьареи ааскьареи раан ахысра, еиҳа ихараны ихысуа, аҭыԥ аҟынтәи ахысра. Адуцәеи ахәыҷқәеи рзы иазԥхьагәаҭоуп хаз игоу адистанциақәеи аҽаршьцыларақәа рынагӡаразы аҭагылазаашьақәеи.
Аицлабранҭыҵтәи апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны изҭаху зегьы 100 метрак ицо адистанциаҿы ахысра иалахәхар рылшоит.






