АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Абҵара.2022

ИНАЛ АРӠЫНБА: «ҲШӘЫҲӘОИТ ҲДЕПУТАТЦӘЕИ ҲУААԤСЫРЕИ ҲАҬЫРҚӘҴАРЫЛА ШӘРЫЗНЕИРЦ».

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ахәаша, абҵара 18 рзы диԥылеит ҳтәылаҿ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаатәқәа.

Ҩ-тәылауаҩрак раиура азҵаарақәа рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациаз нап аркуп, амч аиуеит аратификациатә шәҟәқәа анеимырда амш инаркны.

Атәылақәа рыбжьара ахәҳаахәҭра-аекономикатәи, агуманитартәи, аполитикатәи еимадарақәа рзы иахәаԥшын "Аԥсны-Урыстәыла-Белоруссиа" х-ганктәи аформат ала аиҿкааратә механизм аԥҵара азҵаара. Ари азҵаараз аусурақәа ирыцҵоуп.

Иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭахь ишынашьҭу адепутатцәа Алхас Барцыц, Кан Кәарҷиа, Леонид Лакербаиа, Дауҭ Хәытаба иҟарҵаз аҳәамҭа. Уи азкуп Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума аҟынтәи ианыхынҳәуаз аԥсуа-аурыс ҳәаа рахысраан Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа ахаҭарнакцәа иаанкылан рхатәы маҭәақәа агәаҭара ишахрыжьыз.

Уи адагьы ирҳәеит Аԥсны атәылауаа хыԥхьаӡара рацәала Жәлар Реизарахь ашәҟәқәа шынарышьҭуа, Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа ахаҭарнакцәа акыр аамҭа ишааныркыло ҵаҵӷәыс иамоу рамҳәаӡакәан.

«Ҳшәыҳәоит ҳдепутатцәеи ҳуааԥсыреи ҳаҭырқәҵарыла шәрызнеирц», - иҳәеит Инал Арӡынба.

Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭахь арҭ ахҭысқәа анырра рырҭарц аҳәаратә ажәанҵа нашьҭуп.

 


Read 209 times - Аҩаша, 22 Абҵара 2022 19:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.