АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Абҵара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АФЫМЦАМЧИ АИНВЕСТИЦИАТӘ УСУРЕИ ИРЫЗКУ ИАКТУАЛТӘУ АЗҴААРАҚӘА ИНАРЫМАДАНЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟа афымцамчи аинвестициатә усуреи ирызку иактуалтәу азҵаарақәа инарымаданы аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган адырра ҟалҵеит Аҳәынҭқарра Ахада идҵала иҳаҩсыз амчыбжьазы Урыстәылатәи Афедерациа Афымцамч аминистрраҟны имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рылҵшәазы. Уи далацәажәеит   "Аҽгәара" ацәаҳәаҟны аужьра-еиқәыршәаратә усурақәа рымҩаԥгаразы афымцамч аагареи, иара убас Егры Афымцатә станциаҟны аӡы аҩаӡара алаҟәреи ртәы.

Кристина Озган иҟалҵаз адыррақәа рыла, заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра алыршоуп, иахьа иахымгакәа аамҭеихшареи аҿҳәарақәеи ртәы еибырҳәараны иҟоуп, анаҩс аспециалистцәа "Аҽгәара" аусурақәа рымҩаԥгаразы ицоит. Аминистр лажәақәа рыла, аусурақәа рымҩаԥгара аҿҳәара аинформациа ҟалоит аусурақәа рымҽхак ашьақәыргылара анаҩс.

Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит есҽны имҩаҧысуа аусурақәеи алҵшәақәеи ирызкны адырра ирҭаларц.

Аслан Бжьаниа, ахатәтәра азин ала аԥсуа ган апринципреи хьаҳәа-ԥаҳәада агәаанагареи амазароуп: ашьҭԥраара-ртәаратә цәаҳәеи аҳаирбаӷәазатә инфраструктуреи хымԥада Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәны инхароуп ҳәа инаҵшьны иҳәеит.

Аилацәажәара ахәҭа ду аинвестициатә проектқәа ирзыкын. Аҳәынҭқарра Ахада аԥыза-министр  Алеқсандр Анқәаб инапы ианиҵеит аинвестпроектқәа рынагӡара инамаданы аҭагылазаашьа ҷыдала ахылаԥшра аҭара.  «Ҳнапаҿы амҩатә хсаала ҳамазароуп: аусурақәа ралагамҭа, урҭ рынагӡаразы аамҭеихшара, иҟалар зуа ауадаҩрақәа реиқәыԥхьаӡа зныԥшуа адокументқәа. Уи адагьы, Ахада Иадминистрациаҟны мызкы ахьтә знык имҩаԥыслоит «аинвестициа асааҭ», иҟоу аҭагылазаашьақәа рыхцәажәара, анализ азура ахьымҩаԥысло. Лыҵшәа бзиала аусеицуразы арҭ аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыслоит аинвесторцәа рхаҭарнакцәа алархәны», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. 

«Еилкааны иҳамазроуп ахыдҵақәа аҩ-ганкгьы инхарҭәааны ишынарыгӡаракәу. Ҳара адокументқәа ирыҵаҳаҩуеит, нас жәашықәсала аинвесторцәагьы ҳбом, алҵшәақәагьы, аҭыԥқәа аҳәыра рхиаалоит. Ас ҟалашьа амаӡам, избан акәзар аинвесторцәа рыҟнытә аҳәынҭқарра иаиуа ахашәалахәқәа – асоциалтә проектқәа рынагӡара иазкхоит», -  ҳәа аихшьаала ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа  Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекномика аминистр Кристина Озган, Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа ахантәаҩы Беслан Кәыбраа.

Источник: https://apsnypress.info/ru/novosti/item/2508-aslan-bzhaniya-provel-rabochee-soveshchanie-po-aktualnym-voprosam-energetiki-i-investitsionnoj-deyatelnosti-v-respublike.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 295 times - Аҩаша, 22 Абҵара 2022 19:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.