АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Мшаҧы.2023

Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара абаџь ахшәаарада апропан Аԥсныҟа аагаразы ажәалагала иақәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Урыстәыла аенергетика Аминистрра ала зыдгалара мҩаԥгаз, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи егьырҭ иарбоу азҵаара иазинтересыз анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәеи ақәыршаҳаҭны иҟаҵаз, заанаҵы Аԥсуа Ган ала аус зыдулаз, атауарқәа рыла ахәаахәҭра амҩаԥгара арежим азы Аԥсны Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи лаҵарамза   28, 2012 шықәсазы  ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы Апкаанҵа апроект иақәшаҳаҭхеит. Абри азы адырра ҟаҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа азинтә информациа азы аофициалтә интернет-портал аҿы.

Аиҭакрақәа Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи алгаратә ҳазылхратә баџь ахшәаарада Аԥсныҟа иаагахо атауарқәа рсиа инацҵаны ахарҭәаара иадҳәалоуп.  Уажәазы уи пропан ҳәа изышьҭоу агаз иазкуп.

Урыстәыла аенергетика Аминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра алархәны Аԥсуа Ган ирыҿцәажәаны, анаҩс, аиҿцәажәарақәа реихшьаалақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахьӡала апринципиалтә ҟазшьа зам аиҭакрақәа апроект алагаларазы азин шьақәзыргыло ари апкаанҵа анапаҵыҩра азы азԥхьанҵа ҟаҵоуп.


Read 395 times - Аԥшьаша, 20 Мшаҧы 2023 17:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.