АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Мшаҧы.2023

Аԥснытәи аспортсменцәа Михаил Чуков игәалашәара иазкны имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы араӡны медалқәа ҩбеи аџьаз медалки ранашьахеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 24 -26  рзы Черкесск ақалақь аҿы Михаил Чуков игәалашәара иазкны 2008 – 2009 шш. рзы ииз арԥарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Х Урыстәылазегьтәи атурнир мҩаԥысит. Аицлабрақәа 16 шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара Урыстәыла аԥхьахәгара алахәхаразы алкааратә ҟазшьа аман.

Атурнир рхы аладырхәит Аԥсны, Даӷьсҭан, Чечентәыла, Ингушетиа, Нхыҵ Уаԥстәыла, Ҟабарда-Балкариа, Ҟрым, Ставропольтәи атәылаҿацә, Краснодартәи атәылаҿацә рҟынтәи аспортсменцәа.

Аԥсны ахьӡала иқәгылон 14-ҩык аспортсменцәа. Атурнир аихшьаалақәа рыла, аԥснытәи аспортсменцәа иранашьахеит араӡны медлқәа ҩбеи аџьаз медалки, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари апорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

Данил Ԥлиа  62 кьыла иҟоу рыкапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара араӡны медал ианашьахеит, Леон Арсҭаа 68 кьыла иҟоу рыкапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара араӡны медал ианашьахеит,  Леон Малиа 68 кьыла иҟоу рыкапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аџьаз медал ианашьахеит.


Read 210 times - Ашәахьа, 01 Лаҵара 2023 18:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.