АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Лаҵара.2023

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра Аракьычтәи абжьаратәи ашкол 576 шәҟәы ҳамҭас ианаҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 3 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра Аракьычтәи абжьаратәи ашкол 576 шәҟәы ҳамҭа ианаҭеит.

Ашкол ҳамҭас иаиуит аҵара-методикатәи асахьаркыратәи алитературеи арҵагашәҟәқәеи  аматематика, алитература, аурыс бызшәа, афизика рзы аусуратә тетрадқәа, ажәарқәа, аурыс классикцәа рырҿиамҭақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра апресс-маҵзура.

Аерманцәа реилазаара ахаҭарнакцәа анапхгаҩы Федотов Дмитри Геннади-иԥа аԥхьа днаргыланы, Ахаҭарнакра анапхгараҭареи аусзуҩцәеи зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит иҟарҵаз ацхыраара азы,  ас еиԥш агуманитартә акциақәа ареспублика аҵараиурҭақәа рзы иаҵоу аҵакы ахадара атәы азгәарҭеит.

Ас еиԥш агуманитартә акциақәа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра лассы-лассы имҩаԥнагоит.

Ашкол аколлектив Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутат  Аик Каленџьиан  иарбоу аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы иҟаиҵаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа иарҳәеит.

Хәажәкырамза 23 рзы Очымчыра араион Аракьыч ақыҭан игылоу ашкол ахыбра амца акит. Абылра иахҟьаны ашкол ахыбреи аҩбатәи аихагылеи шьаҭанкыла иблит. Актәи аихагыла аҿы аклассқәагьы ӷәӷәала ааха роуит.   Ашкол аҿы аҵара рҵон 76-ҩык аҵаҩцәа. Аԥсны аерманцәа Реилазаареи аҭыԥантәи анапхгареи ақыҭауааи рымчала ашкол аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.


Read 299 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.