АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Лаҵара.2023

Аслан Бжьаниа: Аԥсны зынагӡара алшо апроект дуқәа аусура иалагахьеит - урҭ рынагӡара урыстәылатәи аинвесторцәа рыцхыраарала имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжания ателеканал Урыстәыла 24.аинтервиу аиҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада Аминералтә ӡқәа рыҟны имҩаԥысуа  Актәи Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа далахәуп.

«Аԥсынтәыла Кавказ иузаҟәымҭхо хәҭаны иалоуп. Иахьа ҳара иаҳбарҭоуп Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ иалоу Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа аҿиара ишаҿу. Ганкахьала, ҳарҭ  аҭагылазаашьа ҳамоуп ԥышәак адкыларазы, даҽа ганкахьала, ҳара ҳхатәы инвестициатә проектқәа рыдгалара ҳалшоит. Ацәыргақәҵа аформат алшара ҳнаҭоит агәаанагарақәа, аинформациақәа реимдаразы, инвестициақәа радыҧхьаларазы аусеицура амҩаҧгаразы»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, Аԥсны зынагӡара алшо апроект дуқәа аусура иалагахьеит - урҭ рынагӡара урыстәылатәи аинвесторцәа рыцхыраарала имҩаԥысуеит. «Ҳара иаҳҳәарц ҳалшоит, еицаҳзеиԥшу аԥҟарақәа аус ахьыруа иаку аекономикатә наӡааӡара ҳамоуп ҳәа. Убри ауп иахьа ҳделегациа ара изыҟоу, насгьы иазгәасҭарц сҭахуп аусмҩаԥгатә иамоу аҵак ду», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. 

Аҳәынҭқарра Ахада атранспорттә усхк аҟны аинвестициатә проект анагӡара атәы далацәажәеит.

«Ҳазҭагылоу аамҭазы аус адулара ҳаҿуп авиациатә еимадара аиҭашьақәыргылара иазку апроект, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылара иазку апроект. Иара убас уажәааигәа апрезентациа ҟаҵан Аԥсны агазркра асхьема, ҳгәыӷуеит ари аԥшьгара анагӡарахьы ҳаиасуеит ҳәа лассы», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Абри инаваргыланы, Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо атуризм аусхк аҟны апроект дуқәа азгәаҭаны иҟоуп.

«Зыӡбахә ҳамоу зымҽхак дуу аргыларатә усурақәа, акомплексқәа, атуристтә кластерқәа роуп. Ари аганахьала аус еицаҳур ҳалшоит», - иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра  Ахада.

 

 


Read 176 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.