АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2023

Аԥсны Арбџьармчқәа рыррамаҵурауаа зегьы абуџьетнҭыҵтәи асоциалтә фондқәа рахь ахыхтәқәа рҟынтәи иақәиҭтәхоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза  5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьетнҭыҵтәи асоциалтә фондқәа рахь абгаԥсатә лагалақәеи ашәатәқәеи рзы» Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

«Зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакрақәа анапхгаратә еимадара Агентра, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, уҳәа рыруаа рԥаратә џьаԥса аҟынтәи абгаԥсатә шәатәқәа рыҟаҵара иақәиҭызтәуа анорма ашьақәыргылара иазырхоуп», – ҳәа аусшәҟы адгалара мҩаԥго иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ихаҭарнак Анри Барцыц.

«Арратә уалԥшьеи арратә маҵзуреи рзы» Азакәан  инақәыршәаны, Аԥсны Арбџьармчқәа: атәылахьчара Аминистрра, Аҳә́ынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Иҷыдоу азкызаара змоу Амобилтә отриад (ОМОН), аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, анапхгаратә еимадара Агентра, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура,  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, иара убас арратә аамҭа азы иаԥырҵо иҷыдоу аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи, уҳәа рҿы Аԥсны атәылауаа инарыгӡо арратә маҵзура иҷыдоу ахкы змоу аҳәынҭқарратә маҵзура иаҵанакуеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьетнҭыҵтәи асоциалтә фондқәа рахь абгаԥсатә лагалақәеи ашәатәқәеи рзы» Азакәан ахәҭаҷ 6 «Арратә уалԥшьеи арратә маҵзуреи рзы» Азакәан аҿы еиқәыԥхьаӡоу Аԥсны Аҳә́ынҭқарра Арбџьармчқәа армаҵурауаа зегьы рԥаратә џьаԥса аҟынтәи абгаԥсатә лагалақәа ршәара азԥхьагәанаҭаӡом».

Иарбоу азакәан апроект адкыларазы рыбжьы арҭеит 19-ҩык адепутатцәа, мап ркит – фҩык, ҩыџьа абжьыҭира рҽаладмыхәӡеит.

 

 


Read 171 times - Ахаша, 05 Ԥхынгәы 2023 23:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.