АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2023

Аџьаз ала агәырԥсаҳәара: ԥхынгәымза 14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иқәгылоит Сергеи Жилини уи напхгара зиҭо аоркестри «Фонограф-Джаз-Бэнд».

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 14, асааҭ 20:00 рзы, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Филармониа аҿы имҩаԥысуеит  Урыстәыла  зегьы еицырдыруа, акыр қәҿиарала иқәгылауа аџьазтә музакантцәа иреиуоу, апианист-виртуоз, акомпозитор, аранжировка азҟаза, абенд-аԥыза Сергеи Жилини уи напхгара зиҭо аоркестр «Фонограф-Джаз-Бэнд» аколлективи рконцерт.

Ахәаԥшцәа афилармониа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы асааҭ 19:00 рзы ирзыԥшуп. Араҟа аџьаз абзиабаҩцәа ирзеиҿкаахоит афуршет, иара убас иқәгылоит агәыԥ  «Акапелла – Экспресс», уи асолистцәа рыбжьала еиуеиԥшым амузыкатә интрументқәа рыбжьы аимитациа аҟаҵара рылшоит, иара убас иқәгылараны иҟоуп «New dixie jazz band» аколлектив.

Аконцерт аиҿкаара рхахьы иргеит  - Иарку Акционертә Еилазаара «Аҟәафон-GSM", афирма «Eva Luk», Аԥсны аҩыҟаҵаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи Рассоциациа.

Абилеҭқәа раахәара алшоит афилармониа акассақәа рҿы. ты можно приобрести в кассе филармонии.


Read 162 times - Аԥшьаша, 06 Ԥхынгәы 2023 00:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.