АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ԥхынгәы.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ауаажәларратә Палата иҿыцу VI ааԥхьара дырԥылоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ауаажәларратә Палата иҿыцу VI ааԥхьара дырԥылоит. Ауаажәларратә палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәули Кьычба аиҧылара аартуа иазгәалҭеит Ахадеи Ауаажәларратә палата алахәцәеи реиҿцәажәара иамоу аҵакы, иара убас дырзааҭгылеит ицәырыргараны иҟоу азҵаарақәа.

Излацәажәараны иҟоу азҵаарақәа иреиуоуп: аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи, атәыла амчхаратә система аиҭакра, Гал араион атәылауаа рзинтә статус, асоциал-економикатә усхк аҭагылазаашьа (Егры аӡиас аҟны аҳәынҭқарратә ҳәаа азҵаара, апартаментқәа, аҳаиртә баӷәаза, аихамҩатә транзит,  Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳабжьара амшынтә еимадара).

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, еиҧыларак аҳәаақәа ирҭагӡаны Ауаажәларратә палата алахәцәа ахәԥшразы иқәдгыргылаз актуалра злоу азҵаарақәа зегьы инарҭбааны рылацәажәара залыршахаӡом. «Абарҭ азҵаарақәа рылацәажәаразы даҽа еиԥыларақәак мҩаԥаҳгар ҳалшоит», - ҳәа иҳәеит Ахада. Иара убас аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәа аҿиара иадҳәалоу аконструктивтә аԥшьгарақәа рыдгылара дшазхиоу. «Иахәҭоу азакәанқәа рыдкылоуп, аха уи азхом. Сара сзы уи акрызҵазкуа зҵаароуп, абызшәа мыҿиакәа, аҳәынҭқарра зыҿиаӡом», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ауаажәларратә палата алахәҩы Давид Ԥлиа иҳәеит Гал араион ауааԥсыра рхыҧхьаӡара ишагхо, избанзар ауаа Қырҭтәылаҟа иқәҵны ицоит. «Ари азҵаара агәҭынчымра ҳазцәырнамгар залшом, ари араион Кәыдрытәи аҩхаа алахьынҵа еиԥшхар ҟалоит», - ҳәа иҳәеит Давид Ԥлиа. Иара игәаанагарала, галтәи ашколқәа раушьҭымҭацәа Аԥсны атәылауаҩ ишәҟәы роуроуп, Қыртәыла атәылауаҩра рымазаргьы ирымамзаргьы.

Иара убас ирылацәажәан Гал араион ауааԥсыра аҧсуа жәлақәа рзырхынҳәра иазкыз. актуалра злоу азҵаарақәа.

Аԥсны Ауаажәларратә палата шьақәгылоуп 35-ҩык рыла, Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц аусура иалагеит 2023 шықәса хәажәкырамза 29 инаркны.

 


Read 208 times - Аԥшьаша, 06 Ԥхынгәы 2023 23:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.