АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ԥхынгәы.2023

Агәыӡера аҳаблаҿы аӡиас Парнаут аӡышьҭра арыцқьара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡиас Парнаут аӡышьҭра арыцқьара иазку аусурақәа Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳаблаҿы имҩаԥысуеит.

Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵнариа ажурналистцәа дрыҿцәажәо амшцәгьақәа раан зынхамҩақәа ааха зауз ауааԥсыра аофициалла араион Ахадара ахь иадҵаалеит ҳәа еиҭеиҳәеит. Урҭ аӡиас ашьҭра арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгаразы аҳәара ҟарҵеит.  

«Парнаут – мыцхәы идуум ӡиасуп, аха амшцәгьақәа раан уи лассы-лассы ихыҵуеит, ааигәа-сигәа инхо ақыҭауаа азарал ду рнаҭоит. Ауааԥсыра рҟынтәи ас еиԥш аҳәара аныҟала ашьҭахь, ҳара атәыла анапхгара ахь ацхырааразы арзаҳал дәықәаҳҵеит. Иҟаҳҵаз аҳәара адгылара аиуит.  Иаразнак  аӡышьҭрарыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгаразы ахарџьынҵа еиқәыршәан, уи иахәҭоу аекспертиза мҩаԥган, анаҩс аӡышьҭрарыцқьаратә усурақәа хацыркхеит», – ҳәа иҳәеит Беслан Ҵнариа.

Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аӡышьҭрарыцқьаратә усурақәа ахьымҩаԥысуа араион иаҵанакуа Курортнаиа амҩа ала инхоит 68 ҭаацәара, аҵыхәтәан иҟаз аӡхыҵра аан 25 инарзынаԥшуа анхамҩа  ааха роуит.   

Беслан Ҵнариа  аӡиас Парнаут аҿы ас еиԥш аусурақәа аҵыхәтәаны имҩаԥган ԥшьы-шықәса раԥхьа ҳәа иазгәеиҭеит.

Аӡиас Парнаут аӡышьҭра арыцқьаразы Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә фонд аҟынтәи иазоужьхеит 3 млн. мааҭ инарзынаԥшуа.


Read 201 times - Аԥшьаша, 06 Ԥхынгәы 2023 23:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.