АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынгәы.2023

Валентина Матвиенко Лаша Ашәба жәларбжьаратәи апарламентаризм Амш идылныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Жәларбжьаратәи апарламентаризм Амш идылныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Лаша Ныгәзар-иԥа! Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки хаҭала сара сыхьӡалеи Жәларбжьаратәи апарламентаризм Амш шәыдысныҳәалоит.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада арезолиуциа ала иаԥҵоу ари аныҳәа, апарламенттә дипломатиа ақәратә роли атәылақәеи ажәларқәеи рыбжьара аҭынчреи аилибакаареи рырӷәӷәара иазку аусура аҿы азакәанԥҵаҩцәа рылшарақәа рконсолидациеи символра азнауеит.  

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы акризистә цәырҵрақәа еиҳа-еиҳа ирыцлоит. Аколлективтә Мраҭашәара жәларбжьаратәи ашәарҭадара асистема арбгоит, исуверенттәу аҳәынҭқаррақәа рыҩныҵҟатәи аусқәа ӷәӷәала рыҽрыланагалоит, иара убри ала ахаос шьақәнаргылоит, иҿыцу аиҿагыларақәа зырбыжкуа аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит. Аха хырхарҭакла ишьақәгылоу адунеи аамҭа ацара иаҿуп, иахьа, аглобалтә-уаажәларратә еиҭакрақәа аҭыԥ анрымоу аамҭазы, апарламентаризм аинститут арӷәӷәара азҵаара даҽа аамҭак еиԥшымкәа актуалра аныԥшуеит.  

Урыстәылеи Аԥсни рзакәанԥҵаҩцәа аусеицура  аҳәаақәа рырҭбаара иазкны рҽазышәарақәа ирзеиԥшу аинтересқәа, атрадициақәа, акультурақәа рыдагьы, апарламентбжьаратәи адиалог инагӡаны ҳҳәынҭқаррақәа рмилаҭтә интересқәа ишрықәшәо гәыкала агәрагарагьы иадҳәалоуп.  

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аҿы аринахысгьы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламенти иареи Урыстәылеи Аԥсни рҿаԥхьа иӡбатәны иқәгылоу аҩганктәи актуалра злоу жәларбжьаратәи азҵаарақәа рыӡбара алзыршо,  зыҩаӡара ҳараку аусеицура шрыбжьало азы агәра ганы иҟоуп.

Ҳаҭыр зқәу Лаша Ныгәзар-иԥа! Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа зегьи гәыкала ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьареи аманшәалареи, шәнапы злаку аҭакԥхықәра зцу азакәанԥҵаратә аусура аҿы аихьӡара дуқәеи».  


Read 379 times - Ахәаша, 07 Ԥхынгәы 2023 22:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.