АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынгәы.2023

Аҟәа ақалақь адәқьан «Аҵыбра» аҿы афермертә шәқәа ргьамабара мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 6 рзы Аҟәа ақалақь адәқьан «Аҵыбра» аҿы афермертә шәқәа ргьамабара мҩаԥысит.    Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса реиҿкаареи Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵи рзы аиҿкаареи рыпроекттә офиси инарыгӡо апроект «Аҩнытә ахшхарҵә аалыҵ аҭыжьраҿы аҳәса ацхыраара рыҭара» алахәылацәа раалыҵ адгалара мҩаԥыргеит.  

«Ари аусмҩаԥгатә ахшхарҵә аалыҵ аҭыжьра маҷ знапы алаку аҭыԥантәи аҳәса-афермерцәа рзы хра злоу плошьадканы иҟалоит. Ихадоу ҷыдараны иҟалеит араҟа зыдгалара мҩаԥгоу ашәқәа рыхкырацәара. Урҭ иреиуоуп сулугун ҳәа изышьҭоу ашәеилаҵа, халлуми, скаморца, монтерреи Џьек, чеддер, виндзор, камблиу, фета, брынза, уҳәа убас ирацәаны. Урҭ зегьы рхатәы, акы еиԥшым, даҽа хкы иаламҩашьо агьама рымоуп», - ҳәа адырра ҟаҵоуп Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса реиҿкаареи Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵи рзы аиҿкаареи рыпроекттә офис апост-релиз аҿы.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса реиҿкаареи Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵи рзы аиҿкаареи рыпроекттә офис аспециалистцәа аҳәса-афермерцәа атехникатә цхыраара рырҭеит, иара убас урҭ ақыҭанхамҩа амҩаԥгареи ашәқәа рыҟаҵареи ахшхарҵә аалыҵ ахаҭабзиара аиӷьтәреи рзы иҿыцу аметодқәа ддырҵеит.   

Апроект алахәылацәа руаӡәы Наталиа Шевцовеи адәқьан «Аҵыбра» аԥшәмеи адәқьан шәыла аиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Агьамабара ахь иааз асасцәа зегьы ирыдгалаз ашәқәа рыхкқәа гәахәарыла ргьама гәарҭон, афермерцәа ирыҿцәажәон. Урҭ ракәзар, русура ҷыдарақәас иаҵоу атәы еиҭарҳәон. Ҳаԥхьаҟа аҭыԥантәи ашәқәа аахәара алыршахоит афермертә аалыҵ адәқьан «Аҵыбра» аҿы.

Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса реиҿкаареи Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵи рзы аиҿкаареи рыпроекттә офиси аҿиареи аусеицуреи рзы Швеицариатәи Агентреи аҳәса-афермерцәа аҩнытәи ахшхарҵә аалыҵ аҭыжьреи урҭ рекономикатә лшарақәа рырҭбаареи рзы адгылареи ацхыраареи рыҭара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа рцикл иацнаҵоит.


Read 410 times - Ахәаша, 07 Ԥхынгәы 2023 23:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.