АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҳазҭоу ашықәс азы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа инарымаданы аизара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҳазҭоу ашықәс азы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа инарымаданы аизара мҩаԥигеит.

Аслан Бжьаниа Арезервтә фонд аҟынтәи ахарџь азоужьзарц сынтәа аԥхын иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы  иацҵаны аԥара азоужьразы адҵа инапы аҵаиҩит.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа  рзы аминистр Лев Кәыҵниа ҳазҭоу ашықәс аԥхынразы иҟалаз арыцҳара анализ азуа иҳәеит, Аԥсны ас еиԥш иҟало аԥсабаратә рыцҳарақәа ауаҩытәыҩсатә фактор шакәу еиҳарак изыхҟьо. «Зегь раԥхьа иргыланы, аԥшаҳәаҿы ииашамкәа иҟарҵо аргыларақәа ирыхҟьоит. Акурорттә усхк ала идыргыло аобиектқәа ахархәарахь ирырҭоит аԥҟарақәа ирхыԥаны», - ҳәа иазгәеиҭеит аминистр, насгьы ихымԥадатәны иԥхьаӡоит ареспубликаҟны аҟны иаку амониторингтә система алагалазарц.

Гагра араион Администрациа ахада Иури Хагәышь Ахада адырра ииҭеит ԥхынгәымза 9 рзы араион аҟны иҟалаз арыцҳара аԥыхразы ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа рзы. Иара иазгәеиҭеит уи иахҟьаны Гагра араион аҟны аԥхасҭа шроуз ақыҭақәа: Лӡаа, Алаҳаӡы, Колхида, Бзыԥҭа аҳабла, хәҭа-хәҭала иара ақалақьгьы. 1200 ҩны аӡы рыҵалеит. Арыцҳара аанкылара иалахәын Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуцәа, уахгьы-ҽынгьы аус руан, иара убас ахархәара азун араион аҟны иҟаз атехника зегьы.

Иури Хагәышь иажәақәа рыла, аҽныҵәҟьа иаԥҵан аоперативтә штаб аԥсабаратә рыцҳара аҧыхразы, убри  инаҷыданы акомиссиа, анхарҭатә ҭыԥқәа ироуыз аԥхасҭа  ахәшьара азҭо, уи иалахәхеит араион ахадацәа рхаҭыҧуаа, ақыҭақәа русбарҭақәа рхадацәа, араионтә еизара адепутатцәа. Акомиссиа ҩнаҭацыҧхьаӡа агәаҭарақәа мҩаԥнагеит, аматериалтә цхырааразы иахәҭоу аԥара шьақәнаргылеит. Администрациаҟны атәылауаа рҟынтә арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Ахәаҧшразы ирыдкылан арзаҳалқәа 467, урҭ рахьтә 447 ақәшаҳаҭра роуит. Арзаҳалқәа 20 акомиссиа изахымсӡеит, урҭ асасааирҭатә ҩнқәа акоммерциатә усура мҩаԥызго ҳәа иԥхьаӡан азы. Иара убас, арзаҳалқәа 16, Аԥсны атәылауаҩра змамыз рҟынтә иалаҵан, урҭ ахарџь хазы ирзоужьхоит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, араион анаплакҩцәа ацхыраара ду шыҟарҵаз, иҷыдоу ахыԥхьаӡаларҭа иаларҵеит 15 млн.мааҭ а)ара. Арҭ аԥарақәа аԥхасҭа зауз аҭаацәара аматериалтә цхыраара иазырхан. Ҩымчыбжьа ирылагӡаны 8,5 млн.мааҭ рызшәахоит.

«Аԥсны зегьы фымцамчла еиқәзыршәо 220 кВ амчра змоу афымца мҩанызго ацәаҳәақәа хԥа ҳахьчарц ҳҭахуп. Кәыдры иааиԥмырҟьаӡакәа аусурақәа цоит. Ҳазхәаԥшыз аканал аҵыхәтәантәи аӡхыҵра иҟалаз иацәнахьчеит Аӡҩыбжьеи Уарчеи.

Иара убас аусура мҩаԥаҳгароуп Маҷара аӡиас аҟны. 6,5 млн мааҭ ахьарбоу ахарџьынҵатә документациа хиоуп. Уажәы акомиссиа азыӡба аднакылеит арҭ аусурақәа рымҩаԥгаразы, аусура мҩаԥызго аиҿкаара жәамш рыҩныҵҟала аусура нап адыркуеит. Уи иагоит зымчыбжьаҟа», -ҳәеит Темыр Агрба.

Абри инаҷыданы, уи иажәақәа рыла, Кацыиқыҭ аусура иаларгоуп ацҳа ҿыц; Шәкәырча маҷ аҟны Ахада ирезервтә фонд аҟнытә «Аԥсныԥшаҳәахьчара» амчала аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит аҳаиртә баӷәазахь ицо амҩала иҟоу ацҳа. Хымчыбжьа-мызкы аҩныҵҟала ара аусурақәа хыркәшахоит.

Аԥыза-министра афинансқәа рминистр Владимир Делба дырра ҟаиҵеит иахьазы Ацхыраагӡатә фонд аҟнытә хархәара шамоу 358 млн мааҭ , ашықәс нҵәаанӡа иаанхаз аицҵалыҵ иартәоит 142 млн мааҭ. «Аԥсабаратә рыцҳара разԥхьагәаҭареи раԥыхреи рзы иныхуп 211 млн мааҭ, ари Ацхыраагӡатә фонд азеиԥш еицҵалыҵ аҟнытә процентла иартәоит  60%», - иаҵшьны иҳәеит иара.

Ахада и-Резервтә фонд аҟнытә аԥара аиҳарк асоциалтә проблемақәа – аҵара, АҶ раԥыхра ашҟа ицоит, Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит Ахада и-Резервтә фонд акыр ишацҵатәу, зегьы ианреиҵаха 10-150 млн мааҭ рҟынӡа.

Аилацәажәара хыркәшо, Аҳәынҭқарра Ахада дасу инапы иану ахырхарҭақәа рыла анапынҵақәа риҭеит. Иара убас аҳәынҭқарра Ахада аилацәажаәара иалахәыз иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥыргаз аусуразы: «Шәаргьы саргьы ҳҿаԥхьа уснагӡатәны иҟоуп ҳтәылауаа рымаҵ аура, еиҳаракгьы абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаақәа раан. Ари азнеишьа иашоуп. Гагра араион Администрациа аколлектив, иара убас ауааԥсыра ирымоу апроблемақәа рыӡбара знапы алаку зегьы иҭабуп ҳәа сызрашәҳә», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аилацәажаәара иалахәын аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба, араионтә администрациақәа рхадацәа.

 

 

 

 

 


Read 174 times - Ахәаша, 08 Цәыббра 2023 16:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.