АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Цәыббра.2023

Ихьанҭоу ацәгьоуреи ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоуреи рзы игәҩароу Чамба А.Р. иганахьала ахьырхәра аҳасабала аҩнытә баандаҩтәра изалхуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса рзы Ҭҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ  Ажьиба В.Р. изыӡба ала Ҭҟәарчал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусеилыргаратә гәыԥ аусеилыргаҩ Шьоуа Е.Ф. Аԥсны Аусеилыргаратә Закәеиндкыла ахәҭаҷ 221, ахәҭа 2, ап. «а» (заанаҵтәи ацәыҵеижәажәарала гәыԥҩык ахаҿқәа рыла иԥжәо амаҭәашьарқәеи арҭҟәацгақәеи, аџьаԥҳани  абџьари ацәгара, мамзаргьы иӷьычны агара), ахәҭаҷ  155, ахәҭа 4, апункт «б»  (мҽхакы ҭбаала атәым мазара аӷьычра, мамзаргьы маӡала ампыҵакра) рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа рыла игәҩароу Чамба А.Р. иганахьала аҭакрала ахьырхәра изалхра азы иҟаиҵаз азыҳәамҭа анагӡара мап ацәкхеит. Убри аан иарбоу ацәгьоурақәа рзы ахьырхәра аҳасабала азакәан ала 10 шықәса  иреиҳаны ҭакрала ахгара шарбогьы, аӡбаҩ иӡбамҭа инақәыршәаны, иарбоу ахаҿы иганахьала ахьырхәра аҳасабала аҩнытә баандаҩтәра алхуп.   

 

Ҭҟәарчал араион апрокуратура азакәан ишарбоу  ала, хымш иалагӡаны иарбоу аӡбамҭа аԥыхразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусеилыргарақәа рзы Акассациатә коллегиа ахь азԥхьанҵа алагалара мҩаԥнагоит.  


Read 189 times - Аԥшьаша, 07 Цәыббра 2023 15:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.