АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Цәыббра.2023

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә Округ аруаа арразыҟаҵаратә лагерь ықәырхит.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә Округ аруаа ихыҭҳәаау аӷа ирразыҟаҵаратә лагерь ықәырхит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура.

Аруаа аԥырҩыда иԥыруа аԥрыгақәа БТР-82А, иара убас акәылӡтранспортиорқәа  рхархәарала «аӷа» итәарҭа иахьаҵанакуа ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит. Аԥшаара-ԥшыхәратә гәыԥқәа ихыжәжәароу ахыбрақәа рыбжьара ицыҵаҵәахны иҟаз арра-зыҟаҵаратә лагерь рыԥшааит, анаҩс ихыҭҳәаау аҿагылаҩ иобиектқәа рахь ажәылара мҩаԥыргеит.

Иԥхьагылоу аҟәшеиҵақәа аибашьра иалагеит, убри аан урҭ БТР-82А, агаранатаршәгақәа РПГ-7В, иара убас аштаттә хысратә бџьар рхархәарала хазы-хазы иҟаз аӷа игәыԥқәа рықәгара алдыршеит.


Read 157 times - Ахәаша, 08 Цәыббра 2023 22:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.