АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Цәыббра.2023

Аҟәатәи ашахматистцәа ашахматқәа рзы онлаин-турнир рхы аладырхәит.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылеи Китаи аиашьаратә қалақьқәеи ақалақь-партниорцәеи рҟынтәи акомандақәа рыбжьара  аиҩызаратә шахматтә онлаин-турнир цәыббрамза  7 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Атурнир рхы аладырхәит Урыстәыла, Белоруссиа, Ермантәыла, Китаи рҟынтәи 20 еизгоу акомандақәа, иара убас Аҟәа ақалақь акомандеи.

Атурнир мҩаԥысит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны ашахматқәа Рфедерациеи иҟарҵаз адгылара иабзоураны.

Аҟәатәи акоманда ахьӡала иқәгылеит ашахматистцәа: Тристан Кәарацхьелиа, Сарида Лакәатаа, Богдан Турков, Аскар Аџьынџьал, Сариа Лакоба, Адамыр Кокосқьыр.

Акоманда азыҟаиҵон Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зыхәба Ҭемыр.

Атурнир аҿы актәи аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Китаи ақалақьқәа (Футиан, Циндао) рҟынтәи акомандақәа, ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Красноиарск ақалақь еизгоу акоманда. Аҟәа ақалақь акоманда 8-тәи аҭыԥ ааннакылеит.  

Хаҭалатәи азшьа аҿы Аԥснытәи ашахматист Аџьынџьал Аскар атурнир 120-ҩык алахәылацәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит. 


Read 112 times - Ахәаша, 08 Цәыббра 2023 23:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.