АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жьҭаара.2023

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Алаҳаӡы ақыҭаҿы ирыԥшааит аус зуаз амаининг-ферма.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа  Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәа рыцны аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан, абнараҿы аус зуаз амаининг-ферма рыԥшааит.

Агәаҭара амҩаԥгараан афымцацәаҳәақәа ирҿакын акриптовалиута арҳара иазку 113 аппарат.

Амаининг-ферма аԥшәма,  Аҟәа ақалақь аҿы инхо Аинар  Амгәас административтә ҭакԥхықәра дақәыршәахоит. 

 


Read 201 times - Аҩаша, 10 Жьҭаара 2023 15:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.