АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жьҭаара.2023

Анапылампыл акоманда «Аԥсны» Грозныи ақалақь аҿы Урыстәыла ачемпионат Иреиҳаӡоу алига «Б» аҿы ихәмарраны иҟоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анапылампыл акоманда «Аԥсны» Урыстәыла ачемпионат Иреиҳаӡоу алига  «Б» актәи атур алахәхаразы Чечентәыла аҳҭнықалақь ахь амҩа иқәлеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аицлабрақәа мҩаԥысуеит жьҭаарамза 10 – 15 рзы.  Аԥснытәи акоманда Чечентәылеи Даӷьсҭан рҟынтәи акомандақәа ирԥылараны иҟоуп.

Анапылампыласыҩцәа ирыцны Грозныи ақалақь ахь ицеит хыԥхьаӡара рацәала ари аспортхкы абзиабаҩцәеи азгәыбылҩцәеи. Аԥснытәи аделегациа  напхгара аиҭоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба. 

 

 


Read 197 times - Аҩаша, 10 Жьҭаара 2023 15:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.