АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жьҭаара.2023

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷақәа рзы Ахашшааратә коллегиа «Амра-Банк» аофис ақәларазы аӡбамҭа аԥсахит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷақәа рзы Ахашшааратә коллегиа Акоммерциатә Банк «Амра-Банк» аофис ақәларазы аӡбамҭа аԥсахит.

Жьҭаарамза 16, 2023 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы имҩаԥысит адукатцәа  Габилаиа И.Г., Ҭаниа М.Г., Цыгба М.Е., Кеиан Р.П., Скнарина И.В.  Аҟәатәи аӡбарҭа Быҭәба Асҭамыр Славик-иԥа, Возда Вадим Едуард-иԥа, Кәыҵниа Алхас Нодар-иԥа, Ҵнариа Алиас Амиран-иԥа, Еиупов Валериан Валериан-иԥа, Ӷәынџьиа Артур Ҭемыр-иԥа рганахьала мшаԥымза 12, 2023 шықәсазы иаднакылаз ахарадҵатә зыӡба азашшратә зыҳәамҭа ахәаԥшразы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷақәа рзы Ахашшааратә коллегиа аилатәара.  

Аус ахәаԥшра ашьҭахь, Ҭарба О.Р.(ахантәаҩы), аӡбаҩцәа:       Кәарҷиа (иҷыдоу игәаанагара ҳасаб азурала), Кәыҵниа М.З. рыла зеилазаара шьақәгылаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷақәа рзы Ахашшааратә коллегиа мшаԥымза 12,  2023 шықәсазы Быҭәба А.С.,ба,  Возба В.Е.,  Кәыҵниа А.Н., Ҵнариа А.А.,  Еиупов В.В., Ӷәынџиа А.Ҭ. иаднакылаз азыӡба ԥсахуп.

Иҟоу адыррақәа рыла, ашьауӷа аӡбаҩцәа ҽа еилазаарак ала иахәаԥшразы аиҭеилыргарахь Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь инашьҭуп.

Уажәазы ахара здырҵаз Асҭамыр Быҭәба, Вадим Возба, Алхас Кәыҵниа, Алиас Ҵнариа, Валериан Еиупов шҭаку иаанхоит, Артур Ӷәынџьиа – аҩнытә рбаандаҩра даҵаркуп.

 


Read 139 times - Ахаша, 18 Жьҭаара 2023 14:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.