АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жьҭаара.2023

Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рымҩақәа рҿы амашьына арныҟәцаҩцәа ргәаҭаразы ареидқәа рӷәӷәоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут идҵа инақәыршәаны, Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рымҩақәа рҿы амашьына арныҟәцаҩцәа ргәаҭаразы апрофилактикатә реидқәа мҩаԥысуеит. Урҭ аиҳарак ижәны амашьына аԥсҟы зкуа раарԥшра иазырхоуп.

Жьҭаараза 16 рзы иарбоу апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут хаҭала ихылаԥшрала имҩаԥысуан.  Убри аан аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит иара убас аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Ҷкадууеи Рашь Ҵәыџьбеи.

«Амилициа аусзуҩцәа адҵа рыҭоуп ҷыдала ахшыҩзышьҭра рырҭаларц ижәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы зку ауаа.  Ижәны иҟоу аҭыԥ аҿы рмашьынақәа рымырхуеит, 30 000 мааҭ инаӡо административтә хараԥса дыршәаны амашьынарныҟәараз азин шықәсыбжак ҳәа ирымырхуеит. Иаанкыло ахаҿы уаанӡагьы асеиԥш азы дааныркылахьазар амашьынарныҟәараз изин шықәсык ҳәа имырхуеит, 15 мшы дҭаркуеит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Жьҭаарамза 16 рзы имҩаԥгаз реидк ала зынӡа иаанкылан ԥшьҩык амашьынарныҟәцаҩцәа,   ҩыџьа арыжәтә ыжәны иҟаз, ҩыџьа – анаркотикатә маҭәашьар зыдкылаз.

Зынӡа Аҳәынҭинспекциа, Ашьаусԥшааратә Усбарҭа,  Анаркотикқәа реикәыршареи рхылаԥшреи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа  еицхырааны имҩаԥыргаз апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны иаанкылахеит 110 –ҩык амҩатә ԥҟарақәа еилазгаз ахаҿқәа. Аиҳарак еиларго аԥҟарақәа иреиуоуп: амҩатә ласра, амҩатә дыргақәа лахь рыҭара, асветофор арбагақәа рызхьамԥшра, атранспорт хархәага амҩаҿ иаҭыԥымкәа аргылара, аԥхьатә саркьақәа рырхәашьра, аԥгаламҩа анылара.

Аӡынтәи аамҭахәҭа ааигәахареи  амш агхареи инарымаданы, Аҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа автомашьынатә саркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа еилазго атранспорттә хархагақәа оперативла азхьаԥшра арҭаларц адҵа рыҭоуп.

Аҳәынҭинспекциа Аусбарҭа амашьынарныҟәцаҩцәа иргәаланаршәоит ареспублика аҿы амашьына аԥхьатәи асаркьақәа рыԥшшәахыркра азы азин шыҟам.

Иара убас амилициа аусзуҩцәа амашьынарныҟәцаҩцәа ргәырҽанырҵоит ашәарҭадара амаҟақәа рхарахәара ахымԥадатәра азы. Астатистика ишышьақәнарӷәӷәо ала, амҩатә машәырқәа раан урҭ ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит.  

Ашәарҭадара амаҟақәа рнаҩс Аҳәынҭусбарҭа аусзуҩцәа ахәыҷтәы креслақәа рхархәаразы активла адгалара ҟарҵоит.  Ахәыҷтәы кресла амҩатә машәырқәа раан ахәыҷқәа рыԥсҭазаара аиқәырхареи ааха аиура рацәыхьчареи акыр иацхраауеит.

Автомашьына  анцо аамҭазы ахәыҷқәа анапаҿы рыкра ҟалаӡом, иҟалаӡом иара убас урҭ аԥхьатәи атәарҭақәа рҿы рыртәара.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгарала ирӷәӷәоу ареидтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ацҵахоит. Апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ахықәы хаданы иҟоуп амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра, амҩатә ԥҟарақәа реилагара армаҷра.

 

 


Read 152 times - Ахаша, 18 Жьҭаара 2023 15:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.