АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2023

Аслан Бжьаниа: Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ԥыхьатәи ахыбра аганахьала изеиԥшразаалак аӡбамҭақәа макьаназы ирыдырымкылаӡацт.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла анапхгара Ахақәиҭра Ашҭаҿы игылоу аминистрцәа Рхеилак иблыз ԥыхьатәи ахыбра ала изеиԥшразаалак аӡбамҭа рыдыркылаанӡа  Аҟәа ауааԥсыра ирызҵаауеит. Абри азы аԥшьаша, жьҭаарамза 19 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.   

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Ахақәиҭра Ашҭаҿы игылоу анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аиҭашьақәыргылара азы ҩ-миллиард мааҭ инарзынаԥшуа иаҭаххашт.

«Уи еиԥш аԥара аҳәынҭқарраҿы иҟаӡам. Насгьы аҳәынҭаппарат ас еиԥш идуу ахыбраҿы артәарагьы хымԥадатәны иҟам», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Уи иара убас иажәа иацҵо,  ХХ ашәышықәса алагамҭа, 80-тә ашықәсқәа рзы ари ахыбра андыргылоз аамҭазы уи еиҳа идуу ауааԥсыреи анапхгаратә аҳәынҭаппарати ирызкын ҳәа иазгәеиҭеит.    

Аслан Бжьаниа, Аԥсны аминистрцәа Рхеилак ԥыхьатәи ахыбра аҭыԥан афункциарацәа змоу акомплекс аргылара иазинтересу аинвесторцәа ыҟоуп ҳәа иҳәеит. Уи зыхәҭак асасааирҭатә номерқәа ирзоужьхо аофистә хыбраны иҟалар ауеит.

«Ҵыбыргны исҳәар сылшоит, цәгьашақә ацәгьаршра иашьҭоу џьоукы-џьоукы ишырҳәо еиԥш акәымкәа,  уаҟа изеиԥшразаалак аказино шыҟамло. Аха макьаназы иарбоу ахыбразы изеиԥшразаалак аӡбамҭа рыдрымкылаӡацт. Аӡбамҭа адкылара ҟалаанӡа ҳара ауаажәларра ҳразҵаауеит, жәаҳәарада урҭ ргаанагара ҳасаб азухоит» , – ҳәа даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Уи иара убас еизаз иргәалаиршәеит иуашәшәыроу амардуантә бжьашшарақәеи ԥыхьатәи алифтқәа ршахтақәеи ахьыҟоу иарбоу зыхәҭак бгахьоу ахыбра аҿы аҵыхәтәантәи 10-15 шықәса рыла  15 рҟынӡа акыр ихьанҭоу ацәгьоурақәа шыҟалахьоу, ауаҩшьрақәеи амшлагарақәеи уахь иналаҵаны.  Лассы-лассы ари ахыбра ахәыҷқәагьы шыҩноу убоит.

Ахақәиҭра Ашҭаҿы игылоу аминистрцәа Реилазаара ԥыхьатәи ахыбра  цәыббрамза 27, 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь Қырҭтәылатәи Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәраан ааха ӷәӷәа аиуит. Здание Совмина на площади Свободы сильно пострадало во время освобождения Сухума  от войск Госсовета Грузии в сентябре  года.     Прочитано 376 раз. Пос

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/7966-aslan-bzhaniya-nikakikh-reshenij-po-zdaniyu-byvshego-sovmina-abkhazii-eshche-ne-prinyato.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 337 times - Ахәаша, 20 Жьҭаара 2023 10:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.