АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2023

Аслан Бжьаниа: Очамчыратәи амшынтә баӷәаза аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Арра-мшынтә Флот аӷбақәа рбаза ашьақәыргылара Аԥсны аинтерессқәа ирықәшәоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыратәи амшынтә баӷәаза аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Арра-мшынтә Флот аӷбақәа рбаза ашьақәыргылара Аԥсны аинтерессқәа ирықәшәоит. Абри азы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Уи Аԥсны анапхгара атәыла ахьчаралшара арӷәӷәара ахшыҩзышьҭа ду анаҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Уи азы аԥаратә хархәагақәа маҷымкәа иаҭахуп, ҳара уи аԥшаара ҳҽазаҳшәоит. Ҳара ҳзы адгылара ҳазҭо атәыла иааннакыло апозициа акыр аанагоит, убри аҟнытә иареи ҳареи иаку афронтла аус аауеит.  Арҭ азҵаарақәа ҳҳәынҭқарбжьаратәи аимадарақәа рымшхәаԥштә зҵаарақәаны иҟоуп. Ҳара уи есымша ҳазхәыцуеит», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, ашәарҭадара азҵаарақәа уажәаԥхьагьы зегьы реиҳа ихадоу аҵакы аманы иҟан, иара уажәгьы, адунеи аибашьра ду азы ашәарҭара ианҭагылоу аамҭазы, урҭ еиҳагьы аҵакы духоит.

«Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа Арра-мшынтә Флот абаза ашьақәыргыларазы адгьыл азоужьра иазкны ақәҵара ҭыжьуп. Еиҳа инарҭбааны аиқәшаҳаҭра алацәажәара ахәҭаны исыԥхьаӡаӡом.  Арратә шәарҭадара азҵаарақәа – уи ус иаартны, зегьынџьара узлацәажәар ҟало зҵаарақәаӡам», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. 


Read 335 times - Ахәаша, 20 Жьҭаара 2023 12:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.