АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Ажьырныҳәа.2024

Иахьа аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа Иаса Қьырса Иӡаахра Амшныҳәа азгәаҭара рҽазыҟарҵоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақьырсиантә ныҳәа дуқәа ируаку – Иаса Қьырса Иӡаахра Амшныҳәа иаԥхьанеиуа ахәылԥаз ажьырныҳәамза 18 иақәшәоит.  Ари ауха, ишаԥу еиԥш, ақьырсианца ачарыц иалху ацхеи ашәырҩеи зларҵо ачгьахьачыс хаа ҟарҵоит. Ари ачыс жәытә–натә аахыс аиҭаҿиара, ахҵәырахылҿиаара, аԥсҭазаара ахацыркра символра азнауан.  

Ари амш ауха аӡы аԥшьара мҩаԥысуеит. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 аухеи ажьырныҳәа 19 аҽынгьы.

Анцәа дхазҵо ауахәамақәа рҿы еизоит иԥшьоу аӡы ргарц азы. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит, изҩыдоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара убас ари аӡы ԥхасҭахаӡом ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Иара шьыжьхьа уфаанӡа, улахь-уџьымшь ӡатәны, Анцәа иахь уныҳәа-ныԥхьаны  ҿамҩак-ҩамҩак ужәлар ауп. Адин ныҟәызго ақьырсианцәа ачгара иҵоуп, убри аҟнытәи дара абжьааԥны ари ахәылԥаз «амла иакуа ахәылԥаз» ҳәа иашьҭоуп.   Мацара иуфар иҟало хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ачгьахьатә чыс ауп. Ас еиԥш акрыфараҿы аҽынкылара ажәытәан Аҽӡаахра аламҭалазы ауаа зынӡа афатә адкылара мап ахьацәыркуаз ауп изыдҳәалоу.

Аԥсны ауахәамақәа зегьы рҿы аныҳәатә анцәаимҵаныҳәарақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лгәырӷьаҽҳәаша Аҟәатәи акафедралтә уахәама аҿы ахәылбыҽхатәи анцәаимҵаныҳәара мҩаԥысуеит, Анцәахаҵаратә Литургиа, иара убас аҵыхәтәаны аӡы аԥшьара мҩаԥгахоит.

Иаса Қьырса Иӡаахра Амшныҳәа азгәаҭара иаԥхьанеиуа ахәылԥаз азы иҟалаӡом:

– аӷьра, агәамҵра, агәаара, аҭацшәа аҳәара. Еиӷьуп аныҳәа ҭынч, ҳәоуеиқәшәарала азгәаҭара.;

– иџьбароу арыжәтә ажәра, акәац, ахш, акәтаӷь афара;

– ацәгьахәыцрала иԥшьоу аӡы атара. Ирҳәоит усҟан аӡы амч ацәыӡыр алшоит ҳәа.


Read 217 times - Аԥшьаша, 18 Ажьырныҳәа 2024 17:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.