АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Ажьырныҳәа.2024

Аслан Бжьаниа Евразиа Ажәларқәа рассамблеиа аделегациа идикылеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәаза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аиԥылара мҩаԥигеит Евразиа ажәларқәа рассамблеиа анапхгаҩы Андреи Белианинов зхадараҿы дыҟаз аделегациа алархәны.

Аслан Бжьаниеи Андреи Белианинови ашықәсҿыцазтәи адныҳәаларақәеи аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзы азеиӷьашьарақәеи еимырдеит.

Аиԥылараҟны ирзааҭгылан аусеицуразы агуманитартә ҟазшьа змоу ахырхарҭақәа ирыдҳәалаз азҵаатәқәа.

«Уажәы шәнапы злаку азҵаарақәа акырӡа рҵакы дууп, ажәларқәа реизааигәатәреи аинтеграциатә процессқәа ралыршареи ирызкуп аҟнытә», - ҳәа  иҳәеит Аслан Бжьаниа, аусеицуреи аиҩызареи рырӷәӷәара аус аҟны жәлар рдипломатиа аҵакы азгәаҭаны.

Аганқәа рылацәажәеит ахәыҷқәа рыԥсшьареи ргәабзиара ашьақәыргылареи ирызку аиҿкааратә усқәа. «Даараӡа ибзиан Аԥсны еиҿкаазар ӡынгьы ԥхынгьы алагер, шәара шәтәылаҟны иҟоу изҩыдоу аҳауатә ҭагылазаашьа уи алнаршоит», - ҳәа иҳәеит Андреи  Белианинов.

Аслан Бжьаниа иҳәеит атәыла анапхгара ас еиԥш аҭынчреи арҿиареи ирзырхоу аԥшьгарақәа змоу аиҿкаарақәа аус рыцура ишазхиоу.

Андреи Белианинов Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аԥхарра зцыз аиԥыларазы, иара убас, иара иажәақәа рыла иаҳҳәозар, евразиатәи аконтинет атәылақәеи ажәларқәеи реимадара арӷәӷәаразы жәларбжьаратәи ҭыԥны иҟоу Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа аԥшьгарақәа адгылара ахьриҭо азы.

Аиԥылара далахәын Гал араион Администрациа Ахада Константин Ԥлиа.

 


Read 189 times - Аԥшьаша, 18 Ажьырныҳәа 2024 17:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.